Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара далагеит, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак напхгара аҭаны уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.
1994 шықәса, абҵара 26 азы В.Г. Арӡынба далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала ҩынтәны деиҭалырхит.
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп «Ахьӡ-аԥша» аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 азы.